Ԥхынҷкәын 24 рзы Қырҭтәыла апарламент аҿы аиҳабыра агәрагара рзаарҧшра азҵаара иахәаҧшуеит
Ԥхынҷкәын 24 рзы Қырҭтәыла апарламент ажәабатәи ааԥхьара асессиа аҿы аиҳабыра агәрагара рзаарҧшра азҵаара иахәаҧшуеит.
Аиҳабыра агәрагара азаарԥшра апроцесс изаамҭаным еилатәарақәа рымчыбжь ахь иасуеит.
Аграфик еиқәшәоуп.
Ԥхынҷкәын 21 рзы азакәанԥҵаҩцәа аекономикатә гәыԥ ахаҭарнакцәа ирзыӡырҩуеит. Ԥхынҷкәын 22 рзы – агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҩнуҵҟатәи аусқәеи атәылахьчареи рминистрцәа. Ԥхынҷкәын 23 рзы – аминистррахь акандидцәа афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” алахәылацәа ирԥылоит. Ԥхынҷкәын 24 рзы апарламент аҿаԥхьа дықәгылоит Аԥыза-министррахь акандидат Гьаргь Гахариа.