Ԥхынгәы 15-нӡа Қырҭтәыла иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ԥхынгәы 15-17 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит
Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, ԥхынгәы 15-нӡа Қырҭтәыла иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, ԥхынгәы 15-17 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +32, +34 градус иаҟарахоит.
Аԥсабара амилаҭтә агентра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, мраҭашәаратә Қырҭтәыла ԥхынгәы 16-17 рзы аҳауа аԥхарра 3-4 градус ала илаҟәхоит.
„Ԥхынгәы 12-14 рзы Қарҭ иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Егьырҭ амшқәа рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +32, +34 градус иаҟарахоит“, – аарыцҳаит агентра аҟынтә.