Иахьа Ԥуҭ “Ԥуҭтәи амшынтә баӷәаза” ҿыц аартра ацеремониа мҩаԥган.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Еаш ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани аминистрцәеи.
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рзы, “Ԥуҭтәи амшынтә баӷәаза” ҿыц арегион азы аҵак ду змоу проектуп, уи аинвестициа 93 миллион доллар иаҟароуп, аҩ фазак рхыркәшара ашьҭахь уи ахә 120 миллион доллар иаҟарахоит.
“Абаӷәаза ҿыц аргылара “Пеис гәыԥи” ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа (DFC) адгылара ала нагӡан. Аусҳәарҭа аинформациа ала, абаӷәаза ҿыц Қырҭтәыла амшынтә сектор аҿы имҩаԥысуа апроектқәа рыбжьара зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау проектуп. ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа (DFC) апроект азалнахит 50 миллион доллар иаароу аинвестициа,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.
Келли Дегнан ишаалыцҳаз, “Ԥуҭтәи амшынтә баӷәаза” ҿыц Қырҭтәылеи Европеи еимыздо аинфраструктура хәҭас иҟалоит, ари евроатлантикатәи амҩа иасимволуп ҳәа.
Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра аинофрмациа ла, абаӷәаза ҿыц аргылара “Пеис гәыԥи” ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа (DFC) адгылара ала нагӡан. Аусҳәарҭа аинформациа ала, абаӷәаза ҿыц Қырҭтәыла амшынтә сектор аҿы имҩаԥысуа апроектқәа рыбжьара зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау проектуп, уи аинвестициа 120 миллион доллар иаҟароуп. “Пеис гәыԥ” есышықәсатәи абжьаратә аидараеикәшара 3 миллион тонна иаҟароуп, аилахәыраҿ аус руеит 1000-ҩык рҟынӡа ауаа.