Ԥуҭ ашколқәа зегьы рҿы аҵара адистанциатә режимла нарыгӡоит
Ԥуҭ ашколқәа зегьы рҿы аҵара адистанциатә режимла нарыгӡоит

Ԥуҭ ашколқәа зегьы рҿы аҵара адистанциатә режимла нарыгӡоит. Иашьашәалоу аӡбра рыдыркылеит Ауаажәларатә гәабзиарахьчара ацентр аҟынтә ироуз арекомендациақәа шьаҭа́с аҭаны.

11 аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи школқәа рҿы мшаԥы 14 инаркны мшаԥ 29-нӡа аҵаратә процесс адистанциатә режимла мҩаԥгахоит.