Ԥаравантәи аҩхааҿ автотранспорт изныҟәом
Ԥаравантәи аҩхааҿ автотранспорт изныҟәом

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациа ала, амш цәгьа иахҟьаны, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км94-км110 (Ԥаравантәи аҩхаа) ахҵәахақәа рҿы автотранспорт изныҟәом.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишарыцҳаз,  аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км110-км147 (Ԥаравани-Ниноҵминда) ахҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспорти М3 акатегориа иаҵанакуа 22-ҩык еиҳаны зиагара зылшо автобусқәеи изныҟәом. Егьи атранспорт зегьы аиҭаҵра алшоит.

Амҩа км1-км94 (Кода-Аиазма)амҩа ахцәаха аартуп ”, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аҟынтә.