Ҭырқәтәылатәи ателеканалқәа аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы ателемарафон еицымҩаҧыргеит
Ҭырқәтәылатәи ателеканалқәа аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы ателемарафон еицымҩаҧыргеит

Ҭырқәтәылатәи ателеканалқәа аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы ателемарафон еицымҩаҧыргеит. 8 каналк еицымҩаҧыргаз амарафонаан еизган 6,1 миллиард адоллар.

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, ацент цыҧхьаӡа азарал зауз ауаа ирыхҭнырҵоит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  41 нызқьҩык рҟынӡа. Ҭырқәтәыла мацара иҭахеит 35 418ҩык, Сириа ари арыцҳара иалаӡит  5 814ҩык.