Ҭырқәтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, Украина, ашықәс анҵәамҭанӡа, Урыстәыла аҽалархәрала аҭынчратә саммит аиҿкаара агәы иҭоуп
«Украина, ашықәс анҵәамҭанӡа, Урыстәыла аҽалархәрала аҭынчратә саммит аиҿкаара агәы иҭоуп», — иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Васили Боднар.
Боднар иҳәамҭала, аиҧылараҿы Украинеи Урыстәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧгахом.
«Асаммит ахықәкқәа иреиуп Украина аҭынчра иаша ашьақәыргылара. Ҳара Украинеи Урыстәылеи ишиашо еидтәаланы, Украина Урыстәыла аҳәарақәа иахьазыӡырҩуа аформат акәӡам ҳазлацәажәо. Жәларбжьратәи ауаажәларреи Украинеи еидтәаланы, ирыӡбоит Украина аҭынчра иаша ашьақәыргыларазы изакәытә шьаҿақәоу иҟаҵатәу, анеҩс, ари асиа Урыстәыла иарҭоит. Ҳара ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧаагом, ахҧатәи аган аҽалархәрала ҳаицәажәоит. Ари асаммит ашықәс анҵәамҭанӡа имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Васили Боднар