Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Адгьылҵысраан хабарда ибжьаӡыз 10-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа реиҳара иҧшаауп, аҧшааратә усурақәа инагӡоит
Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Адгьылҵысраан хабарда ибжьаӡыз 10-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа реиҳара иҧшаауп, аҧшааратә усурақәа инагӡоит

Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ   Гьаргь Џьанџьҕава иҳәамҭала, адгьылҵысраан хабарда ибжьаӡыз 10ҩык Қырҭтәыла атәылауаа реиҳара иҧшаауп, аҧшааратә усурақәа инагӡоит, иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анаиҭоз.

«Ҭырқәтәыла иҟоу ҳтәылауаа зегьы ирызку аинформациа ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, избанзар, аҧшааратә усурақәа мҩаҧаагароуп. Ҳара конкретла иаадыруазароуп ҳтәылауаа ахьыҧшаатәу.  Ҭырқәтәыла ашәарҭара рылаҳәоуп. Дара адунеи аҟынтә ацхыраара иаҳәоит. Аҧыза-министр зыҧшра ҟамҵакәа аӡбара идикылеит, уи даараӡа ибзиоуп. 65 ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи амҩа иқәуп. Ҭырқәтәыла абри аҩыза агәыҧқәа роуп ирҭаху, избанзар, ӡынроуп, аиқәырхаратә усурақәа рымҩаҧгара уадаҩуп,  — иҳәеит Гьаргь Џьанџьҕава.

Иара иажәақәа рыла, зегьы хыла-гәыла еилоуп, аха,  аҭырқәцәа ирылшо ала ари апроцесс иахылаҧшуеит. Ҭырқәтәыла арежим ҷыдашҟа ииасит.