Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Аԥсабаратә рыцҳара аепицентр атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ, Шьамтәыла аҳәаа ааигәара иҟоу ақалақь Газианҭеԥ аҟны иҟан.
ВВС аинформациа ала, адгьылқысраан 17-ҩык ҭахеит. Адгьылҵысра амч 7.8 амагнитуда иаҟаран, уи Анкараҿгьы ирнырит.
Адгьылҵысраан хыбрақәак еилаҳаит. Ақалақь Диарбақир аҿы еилаҳаит ахәаахәҭратә центр ахыбра.