Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 38 044ҩык рҟынӡа
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 38 044ҩык рҟынӡа

Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 38 044ҩык рҟынӡа. Ҭырқәтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, уажәазы аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аус руеит 264 389ҩык.

Адгьылҵысра амшала азарал зауз ҭырқәтәылатәи жәа-провинциак рҟынтә аевакуациа рызуп  38 044ҩык.

Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, уажәазы аҭыҧаҿ аус руеит  5 753ҩык атәымуаа  67 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

Аиқәырхаратә гәыҧқәа инарываргыланы, азарал зауз араионқәа рахь идәықәҵоуп  12 600 еиҳаны амашьынақәеи, аекскаваторқәеи, атракторқәеи, абульдозерқәеи, иара убас, ахызақәеи, амшьамбақьалақәеи, афатәи, апсихологиатә цхыраара агәыҧқәеи.