Ҭырқәтәыла ахаҭарнак ҷыда Сердар Килич - Аихамҩа  Ахалқалақи-Ҟарс  аартра Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани,  Қырҭтәылеи рыбжьара ҧшь-ганктәи аусеицурагьы арҕәҕәоит ҳәа сгәы иаанагоит 
Ҭырқәтәыла ахаҭарнак ҷыда Сердар Килич - Аихамҩа  Ахалқалақи-Ҟарс  аартра Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани,  Қырҭтәылеи рыбжьара ҧшь-ганктәи аусеицурагьы арҕәҕәоит ҳәа сгәы иаанагоит 

«Абри ашьаҿа ҿыц  Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани,  Қырҭтәылеи рыбжьара ҧшь-ганктәи аусеицурагьы арҕәҕәоит ҳәа сгәы иаанагоит», —  иҳәеит Ҭырқәтәыла ахаҭарнак ҷыда Сердар Килич  Никол  Ҧашиниан иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Уаанӡа Шәамахьтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  аихамҩа  Ахалқалақи-Ҟарс, азеибаиџьантәи аихамҩа еиҧшҵәҟьа,  Шәамахьтылантә аекспорти аимпорти азы ихиоуп.

«Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа реҕьтәра апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны ишиашо ахәаахәҭразы ашьаҿа ҿыц ҟаҵоуп. Ари ашьаҿа  Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани,  Қырҭтәылеи рыбжьара ҧшь-ганктәи аусеицурагьы арҕәҕәоит, абарҭ атәылақәа зегьы ақәҿиара ҿыцқәа рзааганы, арегионалтә ҭынчреи аҭышәынтәалареи иацхраауеит  ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит аҭырқәа дипломат.