Ҭырқәтәыла апрезиденттә алахрақәа рҿы абжьыҭира хыркәшоуп
Ҭырқәтәыла апрезиденттә алахрақәа рҿы абжьыҭира хыркәшоуп

Ҭырқәтәыла,  аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 17:00 рзы апрезиденттә алахрақәа рҿы абжьыҭира хыркәшан.

Алхырҭақәа рыркра ашьҭахь абыжьқәа рыҧхьаӡара иалагеит, хара имгакәа заанаҵтәи алҵшәақәа цәырыргоит.

Ҭырқәтәыла 13-тәи ахада иҭыҧ иазықәҧоит атәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕани аоппозициатә кандидат  Кемаль Кылычдар-оҕлуи.

Аҩ-кандидатк аҵыхәтәантәи алхраҧхьатәи амитинг Сҭампыл имҩаҧыргеит.

Актәи атураҿ Реџьеп Таип Ердоҕан  Кемаля Кылычдар-оҕлу диҧысит  2,5 миллион абжьқәа рыла.