Ҭырқәтәыла, адгьылҵысра иадҳәаланы излагаз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, 184ҩык аанкылоуп
Ҭырқәтәыла, адгьылҵысра иадҳәаланы иалагаз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, 184ҩык аанкылоуп, урҭ дреиуп ақалақьк ахадагьы.
Ҭырҭтәыла Аиустициа аминистрра аинформациала, аусеилыргара мҩаҧысуеит 600ҩык иреиҳаны рзы, иара убас, аргыларатә еилахәырақәеи аконтракторцәеи, иеиҭамҵуа амал аҧшәмацәеи рзгьы.
Жәабран 6 рзы иҟалаз адгьылҵысра амшала 16 000 еиҳаны ахыбрақәа ибгеит ма аҧхасҭа ду роуит, Ҭырқәтәыла мацара ари арыцҳара иалаӡит 45 нызқьҩык ауааҧсыра. Аоппозициатә партиақәа ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, атәыла аиҳабыра аргыларатә регулиациақәа рыхьчара рылымшеит, уажәы егьырҭ ауаа аҭакҧхықәра рыдырҵар рҭахуп. Дара ражәақәа рыла, аиҳабыра имҩаҧыргоз аполитика ала иазҧхьагәаҭан аргыларатә процессаан арегулиациақәа еилазгоз аконтракторцәа рзы амнистиа.