Ҭырқәтәыла 5.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит
Ҭырқәтәыла 5.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит

Ҭырқәтәыла, Каҳраманмараштәи арегион аҟны 5.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.

Ҭырқәтәыла акатастрофақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рмаҵзура аинформациала, адгьылҵсра Каҳраманмараштәи апровинциаҿ, Пазарџьиктәи араион аҟны аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 09:31 рзы ҟалеит.

2023 шықәса жьҭаара 6 рзы Каҳраманмараштәи арегион аҟны 7.7-и 7.6-и амагнитуда змаз адгьылҵысрақәа ҟалеит, иҭахеит 53 537-ҩык, ахәрақәа роуит 107 213-ҩык.

Аиқәырхаратә операциа иалахәын 93 тәылақәа рхаҭарнакцәа.