Ҭина Бокучава – Алхыҩцәа, бжеиҳарала, ахада Саакашвили ибзоурала иҳадгылоит, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало
«Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Ҭины Бокучава ишылҳәаз ала, активла аполитика алахәызаара иазку Михаил Саакашвили иӡбара апартиазгьы атәылазгьы аҵакы ду амоуп.
Лара лажәақәа рыла, Саакашвили Қырҭтәылаз иҟаиҵаз рацәоуп, ҳаҧхьаҟагьы ирацәаны иҟаиҵоит.
«Алхыҩцәа, бжеиҳарала, ахада Саакашвили ибзоурала иҳадгылоит, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало. Убри аҟынтә, ари аӡбара ҳпартиазгьы ҳтәылазгьы аҵакы ду амоуп. Ари ауаҩы Қырҭтәылазы, иара убас, Украиназы иҟаиҵаз рацәоуп, ҳрегион Урыстәылантә ахы иақәиҭзарцаз иҟаиҵаз рацәоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟа иаҳа ирацәаны ишыҟаиҵо», — илҳәеит Ҭина Бокучава.