Ҭина Бокучава – Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа Михаил Саакашвили аргама ажәлар рҿаҧхьа дшықәгыло
Михаил Саакашвили Қырҭтәыла дыҟоуп, ҳара ари аинформациа шьақәҳарҕәҕәоит. Ахада Саакашвили иажәақәа еиҭасҳәар сҭахуп, иара ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аолигарх ипрокуратура аниҧхьалак – хара дыҟазаауеит, аха, ақырҭуа жәлар иҧхьар, дааигәаӡаны дыҟазаауеит, — илҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Ҭина Бокучава.
Лара лажәақәа рыла, уажәы Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара ахада Саакашвили изыҧшуп атәыла аҧеиҧш бзиа аиқәыршәаразы.