Ҭинаҭин Берӡенишвили – Европатәи адырраҭаратә хеилак амедиа-саммит апресс-спикеруп
Ҭинаҭин Берӡенишвили – Европатәи адырраҭаратә хеилак амедиа-саммит апресс-спикеруп. Амедиа-саммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили Ауаажәларратә дырраҭара аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа дрылацәажәеит. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирызкыз апанель мҩаҧылгеит Европатәи адырраҭаратә хеилак иалахәы атәылақәа рҟны акоммуникациеи аизыҟазаашьақәеи рзы адиректор.
«Амассатә информациатә хархәагақәа ирласӡаны рҽеиҭаркуеит, атехнологиатә ганахьалагьы, иара убас, аконтенти еиуеиҧшым аплатформақәеи раҧҵара аганахьалагьы. Европатәи адырраҭаратә хеилак асаммит Ауаажәларратә дырраҭарақәа рзы акрызҵазкәа платформоуп. Ҳара аҳасабтәқәа ҳрылацәажәаны, урҭ рыӡбара иазку азеиҧш азнеишьа аҳәаақәҵара ҳалшоит», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Сынтәа ари ауснагӡатә ихы алаирхәит Европатәи адырраҭаратә хеилак агенералтә директор Ноель Каран.
Европатәи адырраҭаратә хеилак ари ауснагӡатә мҩаҧнагеит Швеицариа, Женева, мшаҧы 23 рзы.