Ҭинаҭин Берӡенишвили - Аргыларатә усурақәа иахьынӡамҩаҧысуаз, ҧшьышықәса ирылагӡаны, аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы асекторқәеи ҳуааҧсыреи гәыкала иҳадгылан, сгәы ишаанаго ала, абри ауп иахьа Ауаажәларратә дырраҭара аҵакы аазырҧшуа
Хара имгакәа Қырҭтәыла раҧхьатәи ателедырраҭара инаркны 100 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит, убри аамҭазы Ауаажәларратә дырраҭара, иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи атехникеи атехнологиақәеи рыла атәыла амедиацентр хадас иҟалоит. Қырҭтәыла раҧхьатәи ателедырраҭара инаркны 100 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит ахыбра ҿыц аҿы“, – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили Актәи аканал ахыбра ҿыц аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.
„Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц аартра ацеремониаҿы шәыдкылара ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп. Иахьа ҳара ҳазынтәгьы аҭоурых алахәылацәас ҳҟалеит, ари аҭоурых 1925 шықәсазы, арадиостудиаҿ иалагеит, анеҩс, 1956 шықәсазы қарҭтәи ателебааш ауада хәыҷы аҟны инагӡахеит, убринахыс, 100 шықәса ирылагӡаны, ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа есымшатәи иҧсҭазаара иалахәып“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Лара лажәақәа рыла, Актәи аканал ахыбра ҿыц аргылара ашьаҭа ркит 2020 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы, раҧхьатәи ателееилахәыра аирамш азы.
„Згәыдурала исҳәар сылшоит аҳҭнықалақь ишацлаз ҳаамҭазтәи архитектура иаҵанакуа аекопроект, амультимедиатә центр, араҟа амедиадырраҭареи акиноааглыхреи еилоуп, уи аҧхьаӡацтә қәыҧшылара аҿиара иацхраауеит
Акомплекстә аргыларатә процесс иалахәын 36 аҭыҧантәи еилахәырақәа. Аргыларатә усурақәа иахьынӡамҩаҧысуаз, ҧшьышықәса ирылагӡаны, аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы асекторқәеи ҳуааҧсыреи гәыкала иҳадгылан, сгәы ишаанаго ала, абри ауп иахьа Ауаажәларратә дырраҭара аҵакы аазырҧшуа“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Лара лажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу апроект иреиҕьу европатәи аинџьныртә експертиза иахысит. Ҭинаҭин Берӡенишвили ишазгәалҭаз ала, акоммуникациақәа русхкы аҿы атехнологиатә ганахьала абри аҩыза иуадаҩу апроект атәылаҿы 60-тәи ашықәсқәа рышьҭахь имҩаҧгамызт.
Актәи аканал агенералтә директо лҳәамҭала, ахыбра ҿыцахь аиасра апроцесаан адырраҭара аусура аанкылам.
„Ари аҧышәа ҳара заҵә ҳзы акәымкәа, атәыла зегьы азы иуникалуп. Актәи аканал аусзуҩцәа зегьы рылахәызаара иазгәасҭар сҭахуп. Уажәы дара атәылеи ажәлари рымац рурцаз ҩынтә еиҳаны аус руеит.
Хара имгакәа Қырҭтәыла раҧхьатәи ателедырраҭара инаркны 100 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит, убри аамҭазы Ауаажәларратә дырраҭара, иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи атехникеи атехнологиақәеи рыла атәыла амедиацентр хадас иҟалоит. Қырҭтәыла раҧхьатәи ателедырраҭара инаркны 100 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит ахыбра ҿыц аҿы“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.