Ҭеа Ҵулукиани лҳәамҭала, Акультура аминистрра Лаша Бақраӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа иахәаҧшуеит Алитература аҳәынҭқарратә музеи анапхгаҩы иҳәамҭа аҳасабала, аминистрра хара имгакәа аӡбара аднакылоит
Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани лҳәамҭала, Лаша Бақраӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы, аминистрра иашьашәалоу амаҵзураҿы алеишәатә усеилыргара иалагеит.
Ҵулукиани лажәақәа рыла, раҧхьа иргыланы, акульура аминистрра Лаша Бақраӡе иҳәамҭа иахәаҧшуеит Гьаргь Леониӡе ихьӡ зху Алитература аҳәынҭқарратә музеи анапхгаҩы иҳәамҭа аҳасабала.
„Ҳминистрра иаҵанакәа иашьашәалоу амаҵзура иацы аусеилыргара иалагеит, алеишәатә усеилыргара мҩаҧысуеит, сара схаҭа аус аметериалқәа зымбацт. Аматериалқәа анызбалак, ари аҳәамҭа ахәшьара асҭоит, аполитикатә, асоциалтә, ма асоциологиатә ахәшьара акәымкәа, амаҵзуратә ахәшьара асҭоит, избанзар, ҳаҭыр зқәу Лаша ҳара ҳҿы аус иуеит. Иара изинқәеи иҧхықәрақәеи ақьаад иануп, аусурахь данааиша, иҟаиҵаша, уҳәа, зегьы уа иануп. Убри аҟынтә, хара имгакәа аӡбара ҳадаҳкылоит“, – илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.
„Иаку амилаҭтә ҵысра“ алидерцәа иреиу Лаша Бақраӡе алхраҧхьатәи кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 3 рзы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы иҳәеит: „Ҳара иҳавагылоуп Ҭина, Ҭамар, Софо, абарҭ рҩызцәа ауаа роуп ишәыдаагало, саҭамзааит, аха, „Ақырҭуа гәахәтәы“ иахаҭарнакцәоу „ахаҿ ҩазақәа“ ракәымкәа“.