Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диҧылеит
Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диҧылеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр  Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диҧылеит.

Аҳәынҭқарратә министр лаппарат аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ахвледиани ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иалҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, Қырҭтәыла аҭынчратә политика адгылареи, агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку аинициативақәа рымҩаҧгара ацхраареи азыҳәан.

Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ахәшьара бзиа рыҭаны, аҳәынҭқарратә министр аинаалара аполитика  амҩаҧгараҿы ҳаҧхьаҟагьы ацхыраара дақәиргәыҕит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәа зегьы рҿы аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.