«Ҭбилиси Праид» иаҿагыло акциа алахәылацәа шьапыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҟынӡа инеит, уаантәи Евроеидгыла аофисахь ацара ргәы иҭоуп. Шьыбжьон дара апарламент ахыбра аҧхьа «Ҭбилиси Праид» иаҿагыло амитинг мҩаҧыргеит.
Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара Праид аиҿкааҩцәа рыгәра ргом, Праид алахәылацәа Қарҭ амҩаду хадаҿы апарад амҩаҧгара рҽазыркуеит ҳәа ргәы иаанагоит, убри аҟынтә, ари аҵакырадгьыл ахылаҧшра ргәы иҭоуп.
Акциа аан аинцидент ҟалеит. Акциа алахәылак иҽииблыр иҭахын, аха, азинхьчаҩцәа аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара рылшеит. Иахьа Русҭавели имҩаду аҿы акциа алахәылацәа, Праиди НАТОи абираҟқәа рыблит.