Ҭамар Корӡаиа «Ареспубликатә партиа» далҵит
Ҭамар Корӡаиа «Ареспубликатә партиа» далҵит

Ҭамар Корӡаиа «Ареспубликатә партиа» далҵит. Лара лхаҭа ари атәы лҩит асоциалтә аҳа  «Facebook» аҿы.

Ҭамар Корӡаиа лажәақәа рыла, лара апарламент аҿы аусура налыгӡоит апартиа иалам адепутат лҳасабала.

«Иацы,  2021 шықәса рашәра 3 рзы,  сара апартиа анапхгаҩы сидҵаалт апартиа алҵра азҵааразы.  Апартиа алахәылацәа зегьы сраҭабууп абарҭ ашықәсқәа рзы исоуз аҧышәа ду азыҳәан.

Сара апартиа аӡбара сақәшаҳаҭым, аха, еилыскаауеит. Ақәҿирақәа рзеиҕьасшьоит.

Апарламент аҿы аусура назыгӡоит апартиа иалам адепутат лҳасабала», —  илҩит Ҭамар Корӡаиа.