Қырҭтәылаҿ аҭыҧантәи ахаланапхгараҭаратә алхрақәа мҩаҧысуеит. Атәыла зегьы амасштаб ала иаартуп 3634 алхырҭеи 10 алхратә округи (Исани, Глдани,Русҭави, Қсани, Мцхеҭеи, Ҵҟалтубои, Қәҭешьи Баҭыми рокругқәа ирылу азыӡбанагӡаратә усбарҭақәа).
Атәылауаа аҭыҧантәи ахаланапхгараҭаратә 5 қалақьк рҿы – Қарҭи, Русҭави, Қәҭешьи, Ҧуҭи, Баҭыми 59 муниципалитетқәеи рҿы ахадацәеи сакребуло аилазаашьеи 4 шықәсатәи аҿҳәарала иалырхуеит.
Ахаланапхгараҭаратә алхрақәа еилоу асистемала имҩаҧысуеит – апропорциатәи амажоритартәи системақәа рыла.
Атәыла амасштаб ала, импыҵахалоу арегионқәа нрылаҵаны, иаадыртит 84 амажоритартә округ, аха Қырҭәтыла атәылауаа абжьыҭира рылшоит 73 машоритартә округқәа рҿы.
Аофициалтә дыррақәа рыла, алхҩцәа рсиа ианылеит 3 440 123 ҩык, ахаланапхгаратә ақалақьқәеи амуниципалитетқәеи рҿы иалырхуеит 64 ҩык ахадацәеи, 64 сакребулоқәа рахь 2058 ҩык алахәылацәа.
2017 шықәсатәи ахаланапхгаратә алхрақәа рхы аладырхуеит 27 алхратә субиектк. Урҭ иреиуоуп 5 алхратә блокқәа (2 – БақраӡеҽУгулаваҽЕвропатәи Қырҭәтыла, 3 – Димитри Лорҭқиҧанише. Каха Кукава – Адемократиатә ҵысра – Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла, 5 – Иаку амилаҭтә ҵысра, 27 – Гиорги Вашаӡе – Қырҭтәыла ҿыц, 38 – Жәлар ракзаара).
Иара убас 22 аполитикатә партиақәа:
1- Аҵысра аҳәынҭқарра жәлар рзы
4- Еидҵоу адемократиатә ҵысра
6- Қырҭтәыла ареспубликатә партиа
7- Ҭамаз Меҷиаури иаку Қырҭәтылазы
8- Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс
9 – Армарахьтәи алианс
10- Қырҭтәыла алеибористцәа рпартиа
11 – Амилаҭтә демократиатә ҵысра
14- Қырҭтәыла акзаареи аҿиареи рпартиа
15- Аусуҩцәа рсоциалисттә партиа
17- апартиа Қырҭтәыла
18- Амилаҭтә традиционалистцәа реидгыла
20- „Амилаҭтә форум
22- Мераб Костава иеиҿкаара
23- Иҿыца ақьырсиан демократиатцәа, Қырҭтәылазы
28- Аиашара аиҭашьақәыргылара ахеилак ажәлар рыбжьы
29- Иҿыцу арҕьаратәиқәа
31-Ахьҧшымра ҽ Звиад Гамсахәырдиа имҩа
34- Аорден Аҧсадгьыл
37- Қырҭтәыл иаку акоммунистцәа рпартиа
39- Апрогресстә демократиатә ҵысра
41- Ақырҭуа гәахәтәы адемократиатә Қырҭтәыла