Џьамтәыла-Ирак аҳәааҿ адгьылҵысраан иҭахаз рхыҧхьаӡара 200-ҩык иаҟароуп
Џьамтәыла-Ирак аҳәааҿ адгьылҵысраан иҭахаз рхыҧхьаӡара 200-ҩык иаҟароуп

Џьамтәыла аҳәынҭқарратә медиа адыррақәа рыла, ЏьамтәылаИрак аҳәааҿ аҭыҧ змаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыҧхьаӡара 200-ҩык иаҟароуп. Ахәрақәа роуит 1700 ҩык рҟынӡа.

Аиқәырхаҩцәа аҩнқәа рыҧҽыхақәа рыҵаҟа ауаа рыҧшаара иаҿуп.

ЕАШ агеологиатә маҵзура адыррақәа рыла, адгьылҵысра 7,3 амагнитуда амч аман. Аепицентр ирактәи Кәырдистан атерриториаҿ иҟоу ақалақь Ҳаладџьа ааигәара иҟан.

АР адыррақәа рыда, адгьылаҵантәи аҵысрақәа Ҭырқәтәылеи, Израили, Кувеити рҟынӡа инаӡон.