Френк Лемпард “Челси” атехникатә директорс дҟалеит
Френк Лемпард “Челси” атехникатә директорс дҟалеит

“Челси” алегенда Френк Лемпард иклуб ахь дхынҳәуит. Лемпард агәыҧ атехникатә директор иҭыҧ аҿы Маикл Еменало диҧсахроуп. Еменало, амҽышаҽны имҩаҧысыз “Челси”  “Манчестер иунаитеди” рматч ашьҭахь инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Агазеҭ Daily Express адыррақәа рыла, аамҭала атехникатә директор инапынҵақәа наигӡоит Роман Абрамович иҩыза гәакьа Марина Грановскаиа. Аха Лемпард ари аҭыҧ шааникыло “Челси” ахаҭарнакцәа иақәгәыҕуеит.

Френк Лемпард “Челси” дыхәмаруан 2001-2014 шш. рзы.