Урыстәыла, Хабаровсктәи аокруг аҿы апасаџьыртә ҳаирплан L-410 каҳаит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, иҭахеит ааҩык. Иҭахеит аҳаирплан аекипаж ҩыџьа алахәылацәеи фҩык апасаџьырцәеи.
Деиқәхеит 3 шықәса зхыҵуа ахәыҷы. Уи ахәшәтәырҭахь дыргеит, аха иҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Аусҧшааратә комитет авиакатастрофа 3 версиак аус аднаулоит – аметеорологиатә ҭагылазаашьа, аҧырҩы игха ма атехникатә амзыз.
“Хабаровсктәи авиацәаҳәа” иртәу аҳаирплан Хабаровск аҟынтә Нелкан ахь ахы рхан.