Трампи Путини Шьамтәылаҿ ISIS рнырҵәара иазкны еиқәшаҳаҭхеит

ЕАШ  ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини Шьамтәылаҿ ISIS рыҿагылареи рнырҵәара ирызкны еиқәшаҳаҭхеит. Арҭ адыррақәа аланарҵәоит ВВС Кремль апрессмаҵзурантә аиуз адыррақәа шьаҭас аҭаны.

Абри еиҧш аҳәамҭа Кремль апрессмаҵзура аланарҵәеит Виетнам, Азиа-Аокеан ҭынч атәылақәа рсаммит аҿы Трампи Путини реиҧылара ашьҭахь. Кремль апрессмаҵзура адыррақәа рыла, ахадацәа аганқәа рахь ахазырхара ҟарҵеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿалархәра иадҳәаланы.

 

BBC адыррақәа рыла, жәларбжьаратәи асаммит аҿы Трампи Путини 24 сааҭк рыҩныҵҟа хынтә еиҧылахьеит. Амедиахархәага адыррақәа рыла, асаммит аан Путини Трампи афотопатреҭқәа еицҭырхит. Ахадацәа аҵармакьаҧштәы апиджакқәа иршәын. 

Азиа-Аокеан ҭынч атәылақәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылеи ЕАШи рхадацәа аофициалтә реиҧылара иазыҧшыз рацәаҩын, аха Трампи Путини аофициалтә  аиҧылара рымамызт.

Урыстәылеи ЕАШи рхадацәа раҧхьаӡа 2017 шықәса ҭхынгәы мзазы, Германтәыла имҩаҧысыз Идуу ааҳәынҭқаррак рсаммит аҿы еиҧылеит.