Ливиаҿ илегалым амигрантцәа аукцион аҿы атәцәа реиҧш ирҭииуеит. Арҭ аеқсклиузивтә дыррақәа аланарҵәоит ателееилахәыра CNN. Ливиа иҟоу CNN акоореспондент ажурналисттә аусҧшаара мҩаҧиган, изакәаным аукцион ихы алаирхәит.
Аусҧшаара адыррақәа рыла, аукцион имҩаҧысуеит Триполи ааигәара иҟоу ҧыхьатәи ашьҭаҵарҭаҿ. Амигрантцыҧхьаӡа 400 доллар ала ирҭиуеит.
Есышықәса жәанызқьҩык раҟара амигрантцәа Ливиа аҳәаа иахысуеит. Уантә урҭ Адгьылбжьаратәи амшын ала Европа иҵоит. Европа ацаразы аҧара еизыргарц азы, ирымоу амал рҭиуеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ливиа аҟәарақәа рыхьчара амаҵӡура, Италиа аҟәарахьчаратә маҵзура ацхыраара ала, Адгьылбжьаратәи амшын аҿы апатрулирра иаҳаа ктивла мҩаҧыргоит, убри аҟынтә Ливиантә Европа ахырхарҭала илегалым амигрантцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит. Амигрантцәа реиҳараҩык Ливиа иаанхоит. CNN адыррақәа рыла, ари иадҳәаланы иазҳаит ауаа рҭира афактқәа рхыҧхьаӡара.
Ливиа аиҳабыра ари азҵаара иадҳәаланы аусҧшаара хацнаркуеит.