Сычҳара зеиҧшроу аҧышәара шаҟәыҵ - Дональд Трамп аофициалтә Пхениан ахь ахазырхара ҟаиҵеит
Сычҳара зеиҧшроу аҧышәара шаҟәыҵ - Дональд Трамп аофициалтә Пхениан ахь ахазырхара ҟаиҵеит

ЕАШ ахада Дональд Трамп Кореа амилаҭтә ассамблеиаҿ ақәгылараан излаиҳәаз ала, Ладахьтәи Кореа акымкәа миллиард доллар иаҧсоу америкатәи абџьар аиуоитб

Иахьа ҳара ҳтәыла мацара акәым сзыхцәажәо. Ацивилизациа змоу атәылақәа зегьы раҳаратәы исҳәоит. Ҩадахьтәи Кореахь ахазырхара  ҟасҵоит: ҳалшарақәа зеиҧшроу ишахәҭо ала шәыздырӡом. Ҳачҳара зеиҧшроу аҧышәыра шәаҟәыҵ, ҽ иҳәеит Трамп.

ЕАШ алидер ақәгылараан аофициалтә Пхениан агәҽанҵара риҭеит Америка шыхиоу, иаҭаххар атәылеи апартниорцәеи рыхьчаразы иамоу абџьар зегьы рхы иадырхәар ишрылшо.

Ақәгылараан Дональд Трамп Ҩадахьтәи Кореа анапҳгараҭара астильгьы дазааҭгылеит. Трамп иҳәамҧала Ҩадахьтәи Кореаҿ акульт ауп иҟоу.

Ладахьтәи Кореа ахада Мун Џье Инь иҳәамҭала, Трамп ивизит иабзоураны Ҩадахьтәи Корееи адунеи ирыбжьоу аизыҟазаашьа цәгьақәа иҭыҧқәҵахоит.