Сиднеитәи школк аҿы ацәгьауҩы ахәыҷқәа машьынала дрылалеит
Сиднеитәи школк аҿы ацәгьауҩы ахәыҷқәа машьынала дрылалеит

Сиднеи, алагамҭатә школк аҿы ацәгьауҩы ахәыҷқәа машьынала дрылалеит. Ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ари аҩыза ахымҩаҧгара бааҧс, рыҧсҭазаара алнахит 8 ҩықәса зхыҵуа ҩыџьа аҷкәынцәа, хҩык аӡҕабцәа ахәшәтәырҭахь инаган. Урҭ ргәыбзиара ашәарҭа иҭагылоуп.

Аҭыҧантәи полициа хаҭарнакцәа рдыррақәа рыла, аинцидетн аныҟала акласс аҿы 24 ҩык аҵаҩцәа иҟан.

Амашьына аҧсҟы икын 52 шықәса зхыҵуа аҧҳәыс. Лаанкылара ашьҭахь аполициа иҟанаҵаз аҳәамҭала, ари цас ҳәа ҟалымҵазацт.