Нато аӡбара инақәыршәаны, акибероперациақәа рцентр ҿыц шьаҭакхоит
Нато аӡбара инақәыршәаны, акибероперациақәа рцентр ҿыц шьаҭакхоит

Нато аӡбара инақәыршәаны, акибероперациақәа рцентр ҿыц шьаҭакхоит. Бриуссель имҩаҧысыз атәылахьчара министериал ашьҭахь апрессконференциаҿ абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада. Иенс Столтенберг иҳәамҭала, аусбарҭа ҿыц алианс алахәылацәеи адгылаҩцәеи ирымоу акиберхархәагақәеи рпотенциали еиднакылоит.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭала, акибероперациақәа жәларбжьаратәи азакәанҧҵара ишьашәаланы имҩаҧгахоит. Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, знык абри еиҧш аоперациа имҩаҧган Исламтәи аҳәынҭқарра иаҿагыланы.

Нато атәылахьчара  министрцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, амодернизациа азыруоит ар рҧызацәа рыштабқәа.