Михаил Саакашвили Миллионҩык рҽaлaрхәрa aлa амарш амҩаҧгара игәы иҭоуп
Михаил Саакашвили Миллионҩык рҽaлaрхәрa aлa амарш амҩаҧгара игәы иҭоуп

Қырҭтәыла ҧыхьатәи ахада, Одессатәи аокруг ҧыхьатәи агубернатор Михаил Саакашвили Миллионҩык рҽaлaрхәрa aлa амарш амҩаҧгара игәы иҭоуп.

“Украинаҿ миллионҩык рҽaлaрхәрa aлa амарш шәҭахызар, ишәоуоит,” -иҳәеит Саакашвили. Уи амарш амҩаҧгара иахьа, асааҭ 18:30 рзы имҩаҧигар игәы иҭоуп.  Саакашвили идгылаҩцәа Рала аҧхьа еизеит.

Одессатәи аокруг ҧыхьатәи агубернатор иҟаиҵаз аҳәамҭала, ирымоу аҳәарақәа рынагӡаразы Украина анапхгара мап рҳәар, урҭ рыҧсахра аплан имоуп. Киев ашәарҭадара ҭагылазаашьа дырҕәҕәеит. Аиҳабыратә раион 2000-ҩык аполициа хаҭарнакцәа рыхьчоит.