Ливан ахаҭарнакцәа ргәаанагара ала, ҧыхьатәи Аҧыза-министр Саад Аль-Ҳарири Саудтәи Аравиаҿ дыҟоуп
Ливан ахаҭарнакцәа ргәаанагара ала, ҧыхьатәи Аҧыза-министр Саад Аль-Ҳарири Саудтәи Аравиаҿ дыҟоуп, уантә ауп инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку аҳәамҭа иабантәҟаиҵа.
Ливан аиҳабыра алахәылацәа рҟынтә аиуз адыррақәа шьаҭас рыҭаны, агентра Reuters иаланарҵәо аинформациа ала, Ҳарири Аиҳабыра рхантәаҩы иҭыҧ ааныжьра адҵа Саудтәи Аравиантә иуоит, уи ашьҭахь уи аҩныҵҟатәи аҭакраҿ дыҟоуп.
Агентра аинформациа ала, Саудтәи Аравиа Ҳарири ихымҩаҧгашьа иахылаҧшуеит.
Ҳарири инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкыз, ателехәаҧшрала иалаирҵәаз аҳәамҭа даараӡа иџьашьатәын. Ҳарири “Ҳезболлеи” Џьамтәылеи араҧтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы аилаҩынтәра аларҵәара ирхараиҵеит, иара убас иазгәеиҭеит иҧсҭазаара ашәарҭа шҭагылоу.
Ҳаирири иаб, ҧыхьатәи Аҧыза-министр 2005 шықәсазы дыршьит.
Саудтәи Аравиа Ҳарири ибаандаҩтәра иазку адыррақәа мап ацәнакуеит.