Кабул ателееилахәыра ақәылараан аӡәы дҭахеит, 20-ҩык ахәрақәа роуит
Кабул ателееилахәыра ақәылараан аӡәы дҭахеит, 20-ҩык ахәрақәа роуит

Кабул ателееилахәыра ақәылараан аӡәы дҭахеит, 20 ҩык ахәрақәа роуит.

ВВС адыррақәа рыла, ателееилахәыра „Shamshad TV” ацәгьауцәа рыҭрыҩнажьын, ахысра алагеит. Уаанӡа ахыбра аҧхьа аҧжәара ҟалеит. Аҭыҧ аҿы амобилизациа рзуун агәыҧ ҷыда. 

Агаҳаҭцәа рдыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа ахыбрашҟа рыҩналара ашьҭахь, ахысбжьы гон. Ателеканал атранслиациа аамҭала аанкылан, аха уажәы адырраҭарақәа аефир ахб иҭыҵуеит.

Ажәыларазы аҭакҧхықәра ахахьы агеит Исламтәи аҳәынҭқарра.