Испаниа Аҧыза-министр Каталониа дыҟоуп
Испаниа Аҧыза-министр Каталониа дыҟоуп

Испаниа Аҧыза-минист Каталониа дыҟоуп. Барселонаҿ ари Мариано Рахои раҧхьаӡатәи ивизитуп Каталониа автономиа аамҭалатәи аҧыхра ашьҭахь. Испаниа аиҳабыра рхантәаҩы идгылаҩцәа дырҧылан, ҧхынҷкәын 21 рзы имҩаҧысран иҟоу изаамҭаным алхрақәа “Жәлар рпартиантә” иқәдыргылаз акандидат ауааҧсыра рыдигалеит.

Мариано Рахои Аиҳабыра рпозициа иазкны аилкаақәак ҟаиҵеит. Испаниа Аҧыза-министр иҳәамҭала, каталониатәи асепаратистцәа автономиа аҧыхра ада уаҳа мҩак изаанырмыжьит. Алхрақәа рышьҭахь Каталониаҿ асепаратисттә хаос ихыркәшароуп, иҳәеит Рахои.

Каталониаҿ ареферендум амҩаҧгареи, Ахьҧшымра адекларациа адкылареи рышьҭахь, Мадрид автономиа апарламент аимырппра аӡбара аднакылан, Аиҳабыра алахәылацәа рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Изаамҭаным алхрақәа Каталониа ҧхынҷкәын 21 рзы мҩаҧысуеит.