Зимбабве ахада Роберт Мугабе даанкылоуп

12:03, 15.11.2017

Зимбабве аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Атәыла ахада Роберт Мугабе даанкылоуп. Иареи иҭаацәара алахәылацәеи рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам  – абри еиҧш аҳәамҭа аланарҵәеит Зимбабве анапхгаратә партиа.

Атәыла аҳҭнықалақь Ҳараре амҩақәа рҿы ахысбжьы ашәахьа инаркны гон. Амҩақәа рҿы ицәырҵит атехника хьанҭа. Уаанӡа Зимбабве анапхгаратә партиа атәыла ар рҧыза аҧсадгьыл аҧсахра ихарадырҵеит.

Аинрал Константино Чивенга ахада Роберт Мугабе диҿагылеит атәыла вице ахада иҭыҧ аҟынтә данамиха ашьҭахь. Аинрал иҳәамҭала,  Мугабе ипартиаҿ арыцқьарақәа рымҩаҧгаразы ар иазыҟаҵан.

Еиԥшу