Европaҿ aҧшaтлaкә “Ҳервaрт” рыҧсҭaзaaрa aлнaхит 6 ҩык aуaaҧсырa
Европaҿ aҧшaтлaкә “Ҳервaрт” рыҧсҭaзaaрa aлнaхит 6 ҩык aуaaҧсырa

Европaҿ aҧшaтлaкә “Ҳервaрт” рыҧсҭaзaaрa aлнaхит 6 ҩык aуaaҧсырa. Польша акәзар иҭахеит ҩыџьа ауаа автоавариа иахҟьаны. Амашьына аҵла иақәҳаз иахҟьаны дҭахеит хаҵак. Аҽаӡәгьы амҩа ианыжьлаз аҵла дасит.

Аӡиас Ельба ашьҭыҵра иахҟьеит аӡхыҵрақәа. Берлин ақалақь анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра.

Афедералтә дгьыл Аладатәи Саксониаҿы дӡааҟәрылеит 63-шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Афедералтә дгьыл Мекленбург аҟны дҭахеит аԥҳәыс.  Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥхьаӡара иаҿуп Австриагьы. Зальцбургтәи аҳаир баӷәазаҿы аҳаирпланқәа рыԥырра аанкылоуп.