Евроаидгыла аӡбара ала, Венесула абџьар аахәаразы аембарго азышьақәнаргылоуп
Евроаидгыла аӡбара ала, Венесула абџьар аахәаразы аембарго азышьақәнаргылоуп

Евроаидгыла аӡбара ала, Венесула абџьар аахәаразы аембарго азышьақәнаргылоуп.

Роитер адыррақәа рыла, Евроаидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа арегулиартә аиҧылараан ари аӡбара адебатқәа рыда рыдыркылеит.

Евроаидгыла асанкциақәа Вересуелаҿ имҩаҧысыз алхрақәа ирхылҵит.  Алхрақәа рҿы аиааира асоциалистцәа иргеит.

Евроаидгыла иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы ишазгәаҭо ала, алхрақәа раан аилагарақәа рацәаны иаарҧшын. Бриуссель асанкциақәа шьақәнарҕәҕәаанӡа, аофициалтә Каракас асанкциақәа азышьақәнаргылеит ЕАШ. Асанкциақәа рыла, Америка афинанстә институтқәа Венесуела аиҳабыреи аҳәынҭқарратә анфеҭааглыхратә еилахәырақәа ацхыраара рзаарҧшра азин рымам.