ЕАШ вице-ахада Маик Пенс Техас иҭахаз ауаа рыуацәа дырҧылеит
ЕАШ вице-ахада Маик Пенс Техас иҭахаз ауаа рыуацәа дырҧылеит

ЕАШ вице-ахада Маик Пенс Техас аҭыҧ змаз ажәылараан иҭахаз ауаа рыуацәа дырҧылеит . Маик Пенс иҟаиҵаз аҳәамҭала, Сазерленд Спригс иҟалаз атрагедиеи, ацәгьауҩы абџьар аахәара ахьилшази “абиурократиатә крахуп”.

Абаптисттә уахәамаҿ 26 ҩык ауааҧсыра зшьыз ацәгьауҩы, уаанӡа ауаа ширгәаҟуаз гәҩарас ирыман.

Пентагон иҟанаҵаз аҳәамҭала, Девинель ицәгьаурақәа ирызку адыррақәа амилаҭтә адыррақәа рбазаҟа ирышьҭыр акәын, уи ала ацәгьауҩы абџьар изаахәомызт.

Афелералтә закәан инақәыршәаны, ҧшьынтә амчыларазы гәҩарас ирымо уауҩы абџьар аахәара илшом.

Маик Пенси иҟаиҵаз аҳәамҭала, арҭ амшқәа рзы еилкаахоит Девин Кели абџьар аахәара ихлаилшаз.