ЕАШ аконгресс аӡбарала, "Европаҿ Урыстәыла аанкыларазы" 4,6 млрд евро алырхуеит
ЕАШ аконгресс аӡбарала, "Европаҿ Урыстәыла аанкыларазы" 4,6 млрд евро алырхуеит

ЕАШ аконгресс аӡбарала, “Европаҿ Урыстәыла аанкыларазы” 4,6 млрд евро алырхуеит. Абри еиҧш аӡбара рыдыркылеит ЕАШ аконгресс аҩпалатак арбџьармчқәа ркомитет аҿы.

Азакәанпроект инақәыршәаны, 2018 шықәсатәи абиуџьет аҟынтә  “Европаҿ Урыстәыла аанкыларазы” иалху аҧарантә 1100 млн доллар Балтиатәи аҳәынҭқаррақәа рхыхьчара арҕәҕәаразы иалырхит.

Ари адокумент ала, Украиназы иалырхуеит 500 млн доллар иаҟароу арратә цхыраара, ҷыдала алеталтә арбџьар аахәаразы. Аха апроект инақәыршәаны, Пентагон ари аҧара зегьы аныхра алшом, Украина атәылахьчара ахырхарҭала иашьашәалоу ареформақәа шымҩаҧнагаз атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ аконгрессменцәа рықәыргәыҕра илымшар.

Акомитет аҿы ишеиқәшаҳаҭхаз, ЕАШ арратә биуџьет аҟынтә Урыстәыла атәылахьчара министрраҟны аусеицра абжьаҵаразы аҧара иалырхәам.

Ари ада, ЕАШ атәылахьчара аусбарҭа “Касперски” иаалыҵ ахархәара азин аиуам.

Ҳзыхцәажәоу апроект раҧхьаӡа ахаҭарнакратә палата, ашьҭахь асенат шьақәдырҕәҕәароуп. Уи ашьҭахь азакәанпроект ахада ихырышьҭуеит.