Дональд Трамп Ладахьтәи Кореа даҭааит
Дональд Трамп Ладахьтәи Кореа даҭааит

ЕАШ ахада Дональд Трамп Ладахьтәи Кореа даҭаан, уа адислокациа змоу америкатәи арратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит.

Пхениан аҟны ирыбжьоу аизыҟазаашьа цәгьақәа иаҳа иарцәгьл авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Трамп Ҩадахьтәи Кореа аҳәаа ааигәара дыҟоуп.

ЕАШ ахадеи иҧҳәыси Сеул ааигәара иҟоу авиациатә база иаҭааит. Трамп ауарҳал ҟаҧшь аҿы аҟарулцәеи асалиутқәеи рыла иҧылеит. Ари ашьҭахь, ЕАШ ахада Ладахтәи Кореаҿ адислокациа змоу америкатәи аруаа зегь реиҳа идуу рлагер ашҟа агьежьҧрыгала ддәықәлеит.

Аҩны шкәакәа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Трамп ивизит хықәкыс амоуп Ҩадахьтәи Кореа агәыцәтәи аракетатәи ашәарҭақәа рхырхарҭала ЕАГ иамоу апозициа аарҧшра ауп. Аха арегион аҿы ишәоит Трамп агрессиа злоу ириторика амшала, Кореатәи адгьылбжьахабжаҿ бџьартә аиҿагылара ашәарҭа иазҳар ҟалоит ҳәа.