Дональд Трамп ивизт аан, Китаи ЕАШ-и 253 млрд иазку ахәаахәҭратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Дональд Трамп ивизт аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи ЕАШ-и 253 млрд иазку ахәаахәҭратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ари атәы ааицҳаит Китаи алидер Си Ӡин Пин имҩаҧигаз апрессконцеренциаҿ.
ЕАШ ахада Пекин абҵара 10 нӡа даанхоит. Авизит иалагаанӡа иларҵәаз адыррақәа рыла, Китаи аҳҭнықалақь аҿы аиҧылараан аганқәа Кореатәи адгьылбжьахабжа акризиси ҩгынкалатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аилацәажәарақәа мҩаҧыргаран иҟан.