Дональд Трамп - ЕАШ алхрақәа рҽалагалара ахара ахьидырҵаз, Урыстәыла ахада ахьымӡҕ идыргеит ҳәа иҧхьаӡоит
ЕАШ алхрақәа рҽалагалара ахара ахьидырҵаз, Урыстәыла ахада Владимир Путин ахьымӡҕ идыргеит ҳәа иҧхьаӡоит, абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАШ ахада Дональд Трамп Виетнам имҩаҧысуаз АзиаАокеан ҭынч атәылақәа рсаммит аҿы, аих рхаҭарнакцәа Путин иҟны аиҧылара ашьҭахь раиҳәеит. Аинформациа аланарҵәоит ВВС.
Ажурналист Трамп диазҵааит: Путин игәра жәгома ҳәа, аха ЕАШ ахада ари азҵааразы аҭак ҟаимҵаӡеит.
CNN адыррақәа рыда, Дональд Трамп ажурналистцәа ишраиҳәаз, Путин игәра игоит. Амедиахархәага Трамп иажәахә аҟынтә ацыҧҵәахақәак аланарҵәоит.
Иара данысҧыло, игәра згоит. Ишсаиҳәаз ала, ари иара ҟаимҵаӡеит. Сгәы шаанаго ала, Урыстәыла ахада ахьымӡҕ идыргеит ҳәа иҧхьаӡоит, иҳәеит Трамп.
ВВС адыррақәа рыла, Путин Урыстәыла иаҿагыланы ЕАШ иамоу ахардҵарақәа иабсурдуп, афантазиоуп.
ЕАШ, 2016 шықәсазы имаҩҧысыз алхрақәа Урыстәыла рҽалагалара иадҳәаланы аусҧшаара мҩаҧысуеит.