Де Росии, Киелинии Барӡалии Италиа аизгаҿ ркариера ихдыркәшоит
Де Росии, Киелинии Барӡалии Италиа аизгаҿ ркариера ихдыркәшоит

Италиа аизга ашьапылампыл асҩцәа  – Даниеле Де Росии, Џьорџьио Киелинии  Андреа Барӡалии амилаҭтә аизгаҿ ркариера ихдыркәшоит. Абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит Џьанлуиџьи Бефон. Уигьы икариера ихиркәшоит.

Бефони, Барӡалии Де Росии 2006 шықәса рзы адунеитә чемпионцәа ртитул роуит. Киелини 2017 шықәсазы, Европа ачемпионат вице-чемпионс дыҟан.

Италиа аизга Швециа агәыҧ рҟны алхратә турнир актәи плеиофф аҿы иаҵахан, адунеитә чемпионат аҽалахәра азалшом.