Владимир Путини Реџьеп Таип Ердоҕани аҵыхәтәантәи 8 мза рыҩныҵҟала аҩбатәи аиҧылара мҩаҧыргоит

15:18, 13.11.2017

Урыстәыла ахада Владимир Путини  Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани аҵыхәтәантәи 8 мза рыҩныҵҟала аҩбатәи аиҧылара мҩаҧыргоит. Аиҧылара Шәача имҩаҧысуеит.

Урыстәылатәи аих рдыррақәа рыла, аиҧылараан атәылақәа рлидерцәа Шьамтәылатәи аимак аҭыҧқәҵаразы астратегиеи атерроризм аҿагылараҿы амчқәа реидкылареи ирызку азҵаарақәа ирзааҭгылоит.

Ахадацәа арегионтәи жәларбжьаратәи азҵаарақәагьы ирзааҭгылоит.

Иларҵәаз адыррақәа рыла, Шәача имҩаҧысуа аилацәажәарақәа раан ирзааҭгылоит ахәаахәҭра аизырҳара аперспективеи, аенергетика асфераҿ аусеицуреи ирызку азҵаарақәа.

Еиԥшу