Бриуссель иаҭаауеит Каталониатәи арегион иадгыло  ақалақьқәа 200-ҩык рхадацәа
Бриуссель иаҭаауеит Каталониатәи арегион иадгыло ақалақьқәа 200-ҩык рхадацәа

Бриуссель иаҭаауеит Каталониатәи арегион иадгыло ақалақьқәа 200-ҩык рхадацәа. Урҭ Бельгиа Карлес Пуичдемон идгыларазы иаауеит.
Ақалақьқәа рхадацәа аӡбара ирыдыркылеит ахәашаҽны, Испаниатәи аӡбара Каталониа арегионалтә аиҳабыра ҧыхьатәи алидер Карлес Пуичдемон иаанкылара жәларбжьаратәи аордер анышьақәнарҕәҕәа ашьҭахь.
Иҟоу аинфорамациа ала, иахьа Бриуссель Каталониа ахьҧшымра иаҿагыло абизнесменцәагьы иаҭаауеит. Урҭ Европарламент алахәылацәа ирҧылоит. Апланқәа ирылоуп апрессконференциа амҩаҧгара.