Ахәыҷтәы Евровизиа иадҳәаланы Қарҭ мҩақәак дыркуеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апатрультә полициа адепартамент ишаанацҳауа ала, Ахәыҷтәы Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс иадҳәаланы, ауаажәларратә аиҿкаареи ашәарҭадареи рыхьчаразы, иахьа, асааҭ 20:00-нӡа аҳҭнықалақь мҩақәак рыла автомобилқәа реиҭаҵразы аҧкрақәа шьақәгылоуп.

Автомашьынақәа реиҭаҵра ҟалом: Шоҭа Русҭавели имҩадуи, Атнон Ҧурцелаӡе имҩеи иахьеихагылоу, иара убас Антон Ҧурцелаӡеи Ладо Гудиашвили, Ладо Гудиашвилии Арчил Џьорџьаӡеи рымҩақәа реихагылаҿ.

Атранспорт ала аиҭаҵра ҟалоит аусмҩаҧгатә ахыркәшара ашьҭахь.