Афины асоциалисттә партиа „Пасоки“ аофис еихсит
Афины асоциалисттә партиа „Пасоки“ аофис еихсит

Афины, асоциалисттә партиа „Пасоки“ аофис  бџьарла еибыҭаз ҩыџьа ахаҿқәа еихсит. Аполициа иҟанаҵаз аҳәамҭала, аинцидент аан ахәрақәа аӡәгьы имоуит, аха аҧхасҭа роуит ааигәа иҟоу адәқьан.

Асоциалисттә алианс алидерцәа ртеледебатқәа иалагаанӡа сааҭк шагыз апартиа аофис еихсит.  Аинцидент аан аофис аҿы 30ҽҩык рҟынӡа иҟан.

Ашаҳаҭцәа рҳәамҭада, ақәылаҩцәа амотоцикл иақәтә, урҭ абналара рылшеит.

2017 шықәса ажьырныҳәазы ацәгьауцәа „Пасоки“ аофис зыхьчоз аполициа хаҭарнакцәа иреихсит, усҟан азакәанхьчаҩык аахақәа иоуит.