Анкара ISIS аҟны аимадарақәа рҿы гәҩарас ирымаз 101 ҩык аанкылан

16:41, 10.11.2017

Ҭырқәтәыла имаҩыҧыргаз аконтртеррористтә аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Исламтәи аҳәынҭқарраҟны аимадарақәа рҿы гәҩарас ирымаз 101-ҩык иааныркылеит. Арҭ адыррақәа аланарҵәоит аинформациатә агентра Anadolu Agency.

Аоперациа ҷыда Анкареи уи ааигәара иҟоу аиланхарҭақәеи рҿы мҩаҧысит. Аоперациа  аҳәаақәа ирҭагӡаны еимырдеит 250 ҩнқәа рҟынӡа. Аконтртеррористтә операциа рхы аладырхәит 1500-ҩык рҟынӡа азакәанхьчаҩцәа. Урҭ иреиуан аҧшыхәратә мацзура аофицерцәаб

Мызкы аҧхьа имҩаҧгаз аоперациа ҷыдаан иаанкылан 40- ҩык рҟынӡа.

Еиԥшу