„Ашьапылампыл ашықәс бзиақәа“ – абри еиҧш хьӡы змоу ашәҟәы аӡыргара мҩаҧысит Амилаҭтә библиотекаҿы.
Ашәҟәы ианылеит 1941 шықәсанӡа ақырҭуа шьапылампыл аҭоурых. Ашәҟәы ианылеит асалам шәҟәқәеи, агәаанагарақәеи ақырҭуа шьапылампыл аҭоурых иазку еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟынтә ацыҧҵәахақәеи.„Ашьапылампыл ашықәс бзиақәа“ – Ақырҭуа ашьапылампыл ашәышықәса зыхьӡу апроект иаҵанакуеит. Уи Қырҭәтылаҿ ашьапылампыл ашьаҭакра амш инаркны иахьанӡа аҭруных аанарҧшуеит.
Аидеиа автор иоуп ажурнал Аҭиани аредактор хада Гиа Горгоӡе.
Апроект аспорттә журналистцәа реиҿкаареи Аспорти аҿари русқәа рзы аминистрреи рыдгылара инагӡоит.
Асериа иалоу егьырҭ ашәҟәқәа хара имгакәа иҭыҵуеит.